АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аԥсны Урыстәылеи Беларуссиеи иареи рыбжьара х-ганктәи аилацәажәарақәа реиҿкаара рыднагалеит ҳәа иҳәеит атәыла ахада ипресс-конференциа аихшьаалақәа ҟаҵо Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Аҟәа-Москва-Минск ԥхьаҟа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы хра змоу ҭыԥхар ҟалоит. Иахьа, Минск иалшоит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадараз апроблемақәа иахьрылацәажәо ҭыԥны аҟалара ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны. Ҳара ари активла аус адааулалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит Минск адипломатиатә зҵаарақәа иахьрылацәажәо аҳҭнықалақь астатус амоуп ҳәа.
Аминистр иажәақәа рыла, Женева инеитралтәу ҭыԥуп ҳәа аҳәара иашам.
"Минск асеиԥш иҟало ҭыԥхоит. Ахҭысқәа шымҩаԥысуа ҳашьклаԥшлап. Азҵаарақәа зегьы рзы урыстәылааи уаԥстәылааи ҳрыҿцәажәалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Инал Арӡынба.