Аԥсны

Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәшәаразы жәабрантәи аус нагӡоуп 42% рыла еиҳаны

Ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа рзы ауснагӡала иарбази фактла иалалаз ашәахтәқәеи реивыгара 164,7 млн мааҭ ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. 2023 шықәса жәабранмзазы ашәахтәшәара иартәеит 351,4 млрд мааҭ, уснагӡала иарбаз 248,1 млрд мааҭ рҭыԥан. Аплан нагӡан 142% ҳәа.
2023 шықәса ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа рзы абиуџьет ахь иалагалоуп 598,6 млн мааҭ, уснагӡала 433,9 млн миллион мааҭ ахьарбаз. Аус нагӡоуп 138% рыла.
2022 шықәса иаҿырԥшны адинамика 134% ыҟоуп (151,7 млн м.).
2023 шықәса ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа рзы ашәахтәшәара:

Ақалақь, араион

Иалалаз

Иарбаз ауснагӡа

Аҟәа

304,1 млн мааҭ

266,9 млрд мааҭ

Гагра араион

175,3 млн мааҭ

74,7 млрд мааҭ

Гәдоуҭа араион

37,0 76,3 млн мааҭ

23,9 млн мааҭ

Аҟәа араион

33,5 млн мааҭ

27,1 млн мааҭ

Гәылрыԥшь араион

17,4 млн мааҭ

13,0 млн мааҭ

Очамчыра араион

13,6 млн мааҭ

17,6 млн мааҭ

Тҟәарчал араион

5,6 млн мааҭ

4,3 млн мааҭ

Гал араион

12,1 млн мааҭ

6,4 млн мааҭ