Аҿартә ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" иахыҵит жәохә шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны еиуеиԥшымыз амҩа ианысит, иара активла еснагь иалахәын аҿартә политика мацара акәымкәа, ауаажәларратә ԥсҭазаарагьы. Атәыла араионқәа зегьы рҟнытә 5000 -ҩык инареиҳаны аҿар еидызкылахьаз аиҿкаара иахьа иаԥсҭазаашьоуи, изнысыз амҩеи, ҳаԥхьаҟатәи ауснагӡатәқәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дрылацәажәеит "Аԥсны Ҿа" ахыҵхырҭаҿы игылаз, аиҿкаара раԥхьатәи ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла "Аԥсны Ҿа" знысыз амҩа мариан ҳәа узҳәаӡом. Ихьанҭан, аха ацхыраара ҟазҵоз аиҳабацәа ыҟан ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Алиас Аҩӡба. Иааидкыланы Аԥсны аҿартә политика атәы далацәажәо иҳәеит, усҟан уи шымҩаԥгатәыз ҳәа ирыҵызҳәоз дшыҟамыз, напышьашәала ишыԥшаауаз.
"Аҿартә политика ахыҵхырҭа аамҭазы азҿлымҳара ӷәӷәа аман, ахылаԥшра аман атәыла анапхгара аҟынтә. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь дахылаԥшуан, араион ахадацәа еидкыланы адҵа риҭон, аҿар рнапы зларкуазаалакгьы адгылара рырҭартә еиԥш", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.