Аԥсны

Аҟәатәи ахаҵа дааныркылеит Аԥсныҟа "алирика" ахьалеигалоз азы

Иаанкылоу ауаҩы аҳәаа иахигон 10 граммк апсихотроптә маҭәашьар "Лирика".
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аҟәа инхо Владимир Колесников азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит апсихотроптә маҭәашьарқәа рыҭира хықәкыс иҟамҵакәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рзы, иара убас изакәанымкәа Аԥсныҟа ралагалареи азы. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
29 шықәса зхыҵуа Колесников Аԥсны ААР аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аконтрабандеи аҳазатә зинеилагарақәеи раԥырҟәҟәааразы аҟәша аусзуҩцәеи дааныркылеит.
Иаанкыркылаз иџьыба ишҭаз рбеит 10 граммк иҟаз акапсулақәа, анаҩс ААР аексперт-криминалисттә ҟәша ишышьақәнарӷәӷәаз ала, уи апрегабалин акәын.
Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 224 ахәҭа 1 азгәаҭа 1 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дышьҭыхны дааныркылеит. Колесников дырбаандаҩит, ашьаусԥшаара иацҵоуп.