Аԥсны

Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны Раԥхьатәи ахада иԥсҭазаара далҵит 13 шықәса раԥхьа, хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы, 64 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аԥсны дыргәаладыршәеит раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьҭаҵара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Приднестровие аофициалтә хаҭарнак Гарри Қәпалба, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа.
Аусмҩаԥгатә ашьҭахь аделегациа цеит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭахь Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь инышәынҭрахь. Иара хәажәкыра 4 2023 шықәса рзы 74 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсны раԥхьатәи ахада, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс далхын 1990 шықәса рзы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, иара ажәлар амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дахагылеит.
Абҵара 26 1994 шықәса рзы Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, жьҭаара 3 1999 шықәса рзы иара аҩбатәи аҿҳәаразы далырхит.
Аԥсуа жәлар раԥхьагыла иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы, 65 шықәса дшырҭагылаз. Иара анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Алада Ешыра, ҳаибашьцәа ахьҭахоз Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа азааигәара.
Аԥсны
"Ԥсадгьылда ҳаанзмыжьыз, амца шыра ҳалызгаз": Владислав изы ажәа