АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аҟәа ауаҩԥсы Роман Қәҭарба изакәанымкәа амцабчџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Иара идырбалеит Токарев итапанчеи зкалибр 7,62 миллиметрак иҟоу аҭырҟьара иазырхиоу ахқәеи ҳәа аарыцҳауеит аусбарҭа аексперттә-криминалисттә центр аҿы.
Атапанча имырхит Аҟәа ақалақь иатәу ААР амилициа актәи аҟәша аусзуҩцәа. Қәҭарба иганахьала ашьаус хацыркуп Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Иара аҩнытә рбаандаҩраҿы даанрыжьит.
Роман Қәҭарба - Аҟәа Ақалақьтә еизара алхратә ҭыԥ №19 (Аҳабла ҿыц - Гәымсҭа Амассив) дадепутатуп, агәаҭара-ревизиатә комиссиа дахантәаҩуп.