Аԥсны

Асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны раԥхьатәи атурнир мҩаԥысит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысыз асахьаркыратә гимнастиказы аицлабра иалахәын шәҩык инареиҳаны аспортсменкацәа қәыԥшқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны раԥхьатәи аицлабра мҩаԥысит Аҟәа асабша, хәажәкыра 4 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны Асахьаркыратә гимнастика афедерациа ахада Гәында Кәарҷиаԥҳа.
"Атурнир мҩаԥаагеит Аҟәа ақалақь аспорттә школ №1 аҿы. Аицлабрақәа ирылахәын 2012-2019 шықәсқәа рзы ииз аспортсменкацәа. Аицлабрақәа хетапкны имҩаԥысуан. Агимнасткацәа ҩыџьа-ҩыџьала ауарҳал ахь ицәырҵуан", - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа адгыларала имҩаԥысыз асахьаркыратә гимнастиказы раԥхьатәи аицлабрақәа ирылахәын шәҩык инареиҳаны 5 - 7 шықәса зхыҵуаз аспортсменкацәа. Дара иранаршьеит адипломқәеи аҳамҭа хаақәеи.
Асахьаркыратә гимнастиказы асекциа Аԥсны иҟаӡамызт акыр шықәса. Уи алалара зҭаххаз раԥхьатәи ахәыҷқәа еидыркылеит 2023 шықәса ажьырныҳәамзазы. Аспортсменкацәа рҽазыҟарҵоит иреиҳаӡоу акатегориа атренер, аспорт ахь раԥхьатәи зшьаҿа ҟазҵаз ахәыҷқәа разыҟаҵараҟны аԥышәа змоу Ирина Катаева.