Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Донбассҟа ицеит иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рыԥсыбаҩқәа ааргарц

Аоперациа ҷыдаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны аиқәырхаҩцәа ирылымшеит Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала ицаны 2022 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭазы иҭахаз ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ралгара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра - Sputnik. Аԥсны Аҭаглазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа раԥхьа днаргыланы Донецктәи жәлар рреспубликахь ицеит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Дара Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп ҩыџьа атәылауаа - Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи. Дара Донецк ахақәиҭтәразы аидыслараан иҭахеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭазы.
Иҳаҩсыз ашықәсан ԥхынҷкәын 27-28 рзы ДЖәР иҭахеит хҩык аԥснытәи ахатәгәаҩцәа - Дмитри Ҵәыџьба, Нодар Абыџба, Адам Лагәлаа. Аоперациа ҷыдаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны Ҵәыџьба иԥсыбаҩ мацара ауп залгара рылшаз, иара Аԥсны анышә дамардеит ажьырныҳәа алагамҭазы.