Аԥсны

Герман Арџьениа даиааит "Урыстәыла ақәыԥшра" захьӡу абокс азы аицлабраҿы

Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы жәабран 26 - хәажәкыра 4 рзы имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥснытәи абоксиор дықәгылон 60 кьыла иҟаз рыбжьара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Герман Арџьениа аиааира игеит абокс азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа "Урыстәыла ақәыԥшра" аҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.
Арџьениа дықәгылон 60 кьыла иҟоу рыбжьара, иигаз аиааира алшара инаҭеит Урыстәыла аԥхьахәгара алахәра.
Герман Арџьениа - Аԥсни Урыстәылеи аспорт агәҭантәи афедералтә округ аԥхьахәагара ачемпион, араӡны медал иаиааиз, Москватәи аԥхьахәгараҿы иаиааиз, жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны аиааира зныкымкәа изгахьоу спортсменуп.. Иара иҽазыҟаиҵоит Москватәи аобласт аолимпиатә резерв аҵараиурҭа №3 аҿы.