Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Сергеи Шоигу аоперациа ҷыда архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Уаанӡа Сергеи Шоигу дырзыӡырҩит атәылахьчара аминистрцәа рхаҭыԥуаа абџьар, аџьаԥҳаны, арратә техника рызҵаарақәа ирызку ражәахәқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аоперациа ҷыда архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Атәылахьчара аминистр дырзыӡырҩит аоперациа ҷыда амҩаԥысшьа зеиԥшроуи наҟ-наҟтәи ашьаҿақәеи ирызку ажәахәқәа.
Аилацәажәараан аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит ишахәҭоу адәны иҟоу архәҭақәа ршәарҭадара аиҿкаара, ирҭаху зегь рыла реиқәыршәара, еиҳара амедицинатәи атылтәи ҟәшақәа.
Аганақәа иара убас иалацәажәеит арезервтә ҟәшақәа разыҟаҵара, арра-политикатә усура амҩаԥгара, ганрацәала архәҭақәа ацхыраара рыҭара азҵаарақәа.