Аԥсны

Аҟәа ахәҭак аӡы аанкылахоит аҩаша, хәажәкыра 7 рзы

Аӡы аанкылахоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак аӡы аанкылахоит аҩаша, хәажәкыра 7 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡы ааныркылоит асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа.
Аӡыржәтә ҟалаӡом: Аҩадатәи, Адепотәи, Астанциатә, Аланаа, Гочуа, Ԥачулиа, Аваинахцәа рымҩақәа рыҟныи Ажәытә аҳабла ахәҭаки.