Арадио

Аблоҭиа адокументалтә фильмқәа ралԥшааразы: аилибамкаара ыҟаӡамызт

Sputnik
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку зметр кьаҿуи адокументалтәи фильмқәа реицлабра алахәхаразы арзаҳалқәеи ахҳәаақәеи рыдкылара хыркәшоуп. Аусумҭақәа рыҩаӡара зеиԥшроу, насгьы раԥхьаӡакәны ари ахырхарҭаҿы зхы ԥызшәо ыҟоу иҟаму - абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.
Аицлабра аӡбаҩ иажәақәа рыла, иаашьҭыз 17 фильм рахьынтә иалхуп ааба. Ԥшьба документалтә фильмқәоуп, ԥшьба – сахьаркыратәқәоуп. Урҭ рахьынтә анаҩс иаанхоит х-фильмк.
"Уажәшьҭа афильмқәа равторцәа ҳрыԥхьан аиҿцәажәара мҩаԥаагоит, азҵаарақәа иҳамоу рҭак ҳаҳарцаз. Аӡбаҩцәа ҳабжьара аусумҭақәа ралхраан аилибамкаара ҳәа акгьы ҳабжьамызт. Ҩ-фильмк иаразнак иаԥсоуп ҳәа азыԥхьаӡан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аблоҭиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.