Аԥсны

Амилициа дааныркылеит Лыхны ақыҭа инхо аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҟынтәи ибналаз

Уаанӡа дӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иаанкылаз, Лыхны ақыҭаҿ инхо Алиас Гәымба Дранда аҳаблан апсихиатриатә хәшәтәырҭа дышьҭан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҟынтәи ибналаз, Лыхны ақыҭаҿ инхо Алиас Гәымба ашьаусԥшаара аусзуҩцәа дааныркылеит хәажәкыра 5 руха ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара реилатәараҿы, Гәдоуҭатәи араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Барцыц.
Иара иажәақәа рыла, 30 шықәса зхыҵуа Алиас Гәымба даанкылан шықәсык аԥхьа дӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Иара Дранда аҳаблан апсихиатриатә хәшәтәырҭа дахьышьҭаз аҟынтәи дыбналеит ҭагалан иҳаҩсыз ашықәс азы.
Гәымба даанкылан дахьынхо Лыхны ақыҭан. Иара Гәдоуҭатәи араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.