Аԥсны

Донбасс иҭахаз аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа рыԥсыбаҩқәа ааргеит

Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа хадара ззиуаз аделегациа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҟынтәи иааргеит Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи рыԥсыбаҩқәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иҳаҩсыз ашықәсан ԥхынҷкәын 27-28 рзы ДЖәР иҭахеит хҩык аԥснытәи ахатәгәаҩцәа - Дмитри Ҵәыџьба, Нодар Абыџба, Адам Лагәлаа.
Аоперациа ҷыдаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны Ҵәыџьба иԥсыбаҩ мацара ауп залгара рылшаз, иара Аԥсны анышә дамардеит ажьырныҳәа алагамҭазы.