Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу Донбасс аинфраструктура аиҭашьақәыргылара шцо гәеиҭеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу арратә операциа ахьымҩаԥысуа азонаҿ аусутә ныҟәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Донбасс аинфраструктура аиҭашьақәыргылара шцо азы аусурақәа гәеиҭеит, Мариупольгьы налакны, ахә ҳаракны ишьеит Арра-ргыларатә комплекс аусура ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Мариуполь, ДЖәР аминистр игәеиҭеит ирырҭахьоу аобиектқәа, зыргылара иаҿу ахыбрақәа.
Шоигу иара убасгьы дырҭааит ахырхарҭарацәатә медицинатә центр, АҶА ареспубликатә центр, хәба-хәбаны еихагылоу 12 ҩны ахьдыргылаз араион ҿыц.

"Атәылахьчара аминистр ахә ҳаракны ишьеит аусурақәа рымҩаԥысшьа, ҭабуп ҳәа реиҳәеит Донбасс асоциалтә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иалахәу аргылаҩцәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы аминистр изеиҭарҳәеит Мариуполь зыргылара иаҿу Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә комплекс, жәба-жәбаны еихагылоу ф-ҩнык рыла еиҿкаау араион ҿыц, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьақәа.
Шоигу дазыӡырҩит Ростовтәи аобласти ДЖәРи еимаздо аӡымҩангага, аргылара атәы шцо. Иара ԥхьаҟа Донбасс арегион иаҵанакуа аҵакырақәа ӡыржәтәла еиқәнаршәалоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Шоигу аоперациа ҷыда архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит