Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем дшыбаандаҩу дыннажьуеит ригатәи аӡбарҭа

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Касем Латвиа иаанкылара адиктатортә режимқәа иртерроруп, аҽакала ахәыцшьа иаҿагылоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Ригатәи аӡбарҭа Латвиа иаанкылоу Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем дшырбаандаҩу дааннажьит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә.
Марат Касем ибаандаҩра аҿҳәара аҽа ҩымз инахеит.
Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхоит аус иуеит Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. 2022 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны Латвиаҟа дцеит.
Sputnik Литва ишаанацҳауа ала Марат Касем даанкылан ажьырныҳәа 5 рзы, ригатәи аусӡбарҭа аӡбрала Рига абахҭа хадахьы днаган. Ажьырныҳәамзазы аусӡбарҭа Марат Касем абахҭаҿ дааннажьит. Адукатцәа иҟарҵаз ахашшаара мап ацәкны.