Аԥсны

Аԥсны ахада Алеко Гәарамиа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс дшьақәирӷәӷәеит

Жәабран 22 рзы ААУ Аҵарауаа рхеилак инарҭбаау аилатәараан Алеко Гәарамиа еицҿакны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс далырхит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Алеко Гәарамиа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор имаҵураҿы ишьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа.
Жәабран 22 рзы ААУ Аҵарауаа рхеилак инарҭбаау аилатәараан Гәарамиа еицҿакны далырхит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс ҿҳәарала хәышықәса ҳәа.
Алеко Гәарамиа – апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Жәларбжьаратәи адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Урыстәылатәи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт доушьҭымҭоуп.
Аԥсны
Алеко Гәарамиа ААУ аректорс деиҭалхуп