Аԥсны

Арӡынба: Урыстәыла — Аԥсназы ихадоу стратегиатә ҩызоуп

Аԥсни Урыстәылеи русеицура аԥсҭазаара ганрацәала иадҳәалоуп - атәылахьчара, ашәарҭадара, аекономика, аинвестициақәа рырҿиара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа — ихадоу ҳастратегиатә ҩыза ауп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Инал Арӡынба "Соловьев Live" аефир аҿы.
"Ҳара ганрацәала аусеицура ҳаҿуп, ҳаԥсҭазаара зегь рыла иадҳәалоуп - атәылахьчара, ашәарҭадара, аекономика. Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аирнвестициатә программа", - иҳәеит аминистр.
Убри аан Арӡынба инаҵшьны иҳәеит Аԥсны Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ахықәкқәеи адҵақәа адгылара шанаҭо.
Ареспублика ААР ахада Инал Арӡынба иргәалаиршәеит арратә операциа ҷыда ишалахәу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа, Донбасс ахақәиҭтшщазы иҭахахьоу ҳаҷкәынцәагьы шыҟоу.