Аԥсны

Атәанчахәытә фонд ашәҟәы реиҭаҭагалара иаҵанакуа рыӡбахә азгәарҭеит

Аминистрцәа реилазаара аусдҵа аднакылеит ареспублика атәанчаҩцәа ашәҟәы реиҭаҭагалара иахысырц азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. Ашәҟәы реиҭаҭагалара иаҵанакуеит аԥсуа тәанчахәы зауа атәанчаҩцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
Иара иажәақәа арыла урыстәылатәи атәанчахәы зауа арахь иаҵанакуам, урҭ есышықәса ашәҟәеиҭаҭагалара иахьахысуа азы. Аԥснытәи атәанчахәы зауа ракәзар хәышықәса раԥхьоуп ари апроцедура ианахысыз.
Ашәҟәы реиҭаҭагалара мҩаԥгахоит хәажәкыра 1 инаркны лаҵара 31 рҟынӡа. Абри аамҭазы атәанчахәы аанкылахаӡом.
Ашәҟәы реиҭаҭагалара иахымсыз атәылауаа, ҩаԥхьа атәанчахәы рызшәара иалагоит ртәанчахәы анаанкылаз инаркны, аха фымз еиҳамкәа. Иарбоу аҿҳәара ашьҭахь арзаҳал ҩны ианынарышьҭ аамҭа инаркны атәанчахәы ашәара хацыркхоит иҳәеит Гәылариа.
Аԥсны
Денис Гәылариа Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа ауал зқәу рыӡбахә иҳәеит
Афонд ахантәаҩы иҳәеит атәанчаҩы хаҭала аҭыԥ ахь дзымнеиуазар, аусбарҭа аусзуҩцәа иара дахьынхо аҭыԥ ахь инеина инапаҵаҩра мҩаԥыргар шалшо.
Аусдҵа рыдкылоуп Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аҟәшақәа рҿы заҟаҩ атәанчаҩцәа ашәҟәы иҭагалоу ашьақәыргыларазы.
Ашәҟәы реиҭаҭагалара иахымсыз атәылауаа ртәанчахәы аанкылахоит, уи аиуразы асиа ианыхны.