Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны Аиҳабыреи Апарламенти рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа, афымца, аинфраструктуратә кредит, АЦә "Аҽгәара", апарт-отельқәа рзы азакәан апроект уҳәа ирызкыз азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыреи Апарламенти анапхгаҩцәа алархәны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган адырра ҟалҵеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иазку аинвестпроект азы аиқәшаҳаҭра Урыстәыла Аиҳабыра рҿы ишьҭоуп, анапаҵаҩразы азыҟаҵара иаҿуп.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсны ахатәтәраҿы иаанхоит аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аобиектқәа.
Урыстәылатәи аган афымцамчԥхьаӡагақәа раахәаразы аинфраструктуратә кредит аҭара иақәшаҳаҭхеит.
Аԥсны
Аенергетикеи, аинвестициақәеи, азакәанқәа реишьаршәалареи ирылацәажәеит Бжьаниеи Новаки
Аекономика аминистр иара убас аҳәамҭа ҟалҵеит АЦә "Аҽгәара" шеиҭашьақәыргылоу агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы, адыдмацәыс аҟынтәи ахьчаразы арҽеирақәа мҩаԥыргалоит аусура ианаладыргалак ашьҭахьгьы.
Иара убри аан Урыстәылантәи афымцамч иаарышьҭуанаҵы агәаҭарақәа рзы "Аҽгәара" рзаҿакӡом.
Аилацәажәараан аӡбахә рҳәеит апарт-отельқәа рзы азакәан апроектгьы, уи азы иаздырхиахьеит Апарламент ахь инарышьҭразы ашәҟәыцҵақәа.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра алацәажәеит аенергетика иамоу ауадаҩрақәеи апарт-отельқәа рыстатуси