Аԥсны

Гәылрыԥшь араион ахада даҭоуп

Жәабран 13 рзы араион ахада Аслан Бараҭелиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын аҽа усурак ахь дахьиасуа азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Атәыла ахада иусԥҟала Гәылрыԥшь араион ахадас дҟаҵоуп Саид Ҳаразиа.
Араион ахада имаҵура Гәылрыԥшь араион Аизара ақәыршаҳаҭын.
Саид Ҳаразиа Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан.