Аԥсны

Инал Арӡынба Аԥсны АИХқәа рҿы аус зуа аҳәса, ажурналистцәа дырԥылеит

Аҳәса жәларбжьаратәи рымш аламҭалазы Инал Арӡынба Аԥсны АИХқәа рҿы аус зуа аҳәса, ажурналистцәа дырԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны АИХқәа рҿы аус зуа аҳәса, ажурналистцәа дырԥылеит хәажәкыра 7 рзы.
Иформаламыз аҭагылазаашьаҿы аминистр рҭакқәа ҟаиҵеит еиуеиԥшымыз азҵаарақәа: имшеихшара, ԥхьаҟа аҭаацәара иалалара реиԥш иҟоу. Иара убасгьы ирылацәажәан Женеватәи аиҿцәажәарақәа, адипломатиатә усуразы азакәан ҿыц, акадртә зҵаарақәа.
Арӡынба иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа хра аламкәан ишалагаз, инеитралтәу ҭыԥны аҟаларагьы шалымшо, аиԥылара алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу азинқәа шазеиҿымкаауа.
Аминистр игәаанагарала Аԥсны аинтересқәа рзы аҽа ҭыԥк ԥшаазар еиӷьуп, уи Минск акәхаргьы ҟалоит.
Арӡынба иҳәеит изаамҭанытәиу араунд арыцхә шышьақәыргылам.
Иара убасгьы аминистр еиҭеиҳәеит Аԥсны ахаҭарнакрақәеи ацҳаражәҳәарҭақәеи аҳәаанырцә русура аҭагылазаашьақәа, иҳәеит Апарламент ахь ишкылгахо адипломатиатә маҵзуразы азакәан, уи инақәыршәаны ишышьақәыргылахо ацҳаражәҳәарҭақәа русуҩцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи русуратә ҿҳәарақәа.
"Ацҳаражәҳәарҭа атәылаҿацәтә музеины акәымкәа хра змоу центрны иҟазароуп", - иҳәеит иара.
Инал Арӡынба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит иԥсшьараамҭа шихиго, игәы ззыҳәо, изанааҭтә уснагӡатәқәа ртәы.