Аԥсны

Хәажәкыра 8 аламҭалазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 200 тонна амимоза

Сынтәа амимозашәҭ аигара иалагеит ажьырныҳәамза анҵәамҭа инаркны, иахьанӡагьы аекспорт дәықәрҵоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 200 тонна амимозашәҭ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит хәажәкыра 8 аламҭалазы ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа. Иааидкыланы 2022 шықәсазы Аԥснынтәи иалган 150 тонна амимозашәҭ.
Ҵыԥх аасҭа сынтәа ареспублика иалгоу амимозашәҭ 50 тонна еиҳауп.
Иааидкыланы 2022 шықәсазы Аԥснытәи иалган 150 тонна амимозашәҭ.