Араион амашьына-трактортә станциаҟны иҟоу атехника еиқәшәоуп ацәаӷәаразы, ихадароу - амшқәа шьақәгылароуп адгьыл ақәаарыхразы аусурақәа рылагараз иҳәеит Шьониа.
"Уажәы хәажәкырамзоуп, араион аҟны макьана акы цәаӷәаны измоу ҳәа исыздыруам амшцәгьақәа ирыхҟьаны. Егьыс ақыҭақәа рҟны, ҳәарада, иалагахьеит арыцқьаратә усқәа, аандаҟаҵара. Иара ацәаӷәара аамҭагьы жәохә-ҩажәамш рнаҩс иааиуеит. Уи аганахьала зегь рыла ҳаиқәшәоуп. Араион аҟны 2800 гектар рҟынӡа аџьықәреи ларҵоит анхацәа. Иҳамоу амашьына-трактортә станциа амчала зегьы ҟарҵоит сызҳәом, 300 инаркны 500 гектар рҟынӡа ирцәаӷәоит, егьырахь қыҭацыԥхьаӡа иҟоуп ахатә тракторқәа змоу. Дара-дара еицхыраауеит", - иҳәеит Шьониа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.