Аԥсны

Сынтәа аҩбатәи Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы амҩаԥгара азгәаҭоуп

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵарамзазы, Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Сынтәа аҩбатәи Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы амҩаԥгара азгәаҭоуп ҳәа иҳәеит Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иԥылара ашьҭахь Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
Аилак ахәаԥшраны иҟоуп аекономика, акультура, аҭҵаарадырра, аҵара русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсни Шьамтәылеи аекономика аминистррақәеи аҳазалхратә еилакқәеи реинырра.
Хәытаба иажәақәа рыла, атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәгылоуп, Аԥсны адгьылҵысра ашьҭахь агуманитартә цхыраара мҩаԥнагоит.