Аԥсны

Жәлар Реизара "Ализинг азы" азакәан иахәаԥшраны иҟоуп

Хәажәкыра 6 рзы имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Апарламенттә еилакы аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. "Афинанстә ақьыраз (лизинг)" азакәан Аԥсны Жәлар Реизара ахәаԥшраны иҟоуп.
Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит афинанстә қьыра азинтәи аиҿкаара-економикатәи ҷыдарақәа.

Адокумент азырхоуп аинвесторцәа рзинқәеи рхатәтәреи рыхьчара, аинвистициақәа рыхьчара.

Адепутатцәа иара убасгьы ргәы иҭоуп аинвистициатә усуреи ашәахтәқәҵареи русхк иатәу закәанԥҵаратә актқәак ариашарақәа рылагалара.
Ариашарақәа иазгәарҭоит Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҿы аинвистициақәа рнеира. Арҭ араионқәа рзы иҷыдоу ашәахтә льготақәа шьақәыргылахоит.
Аиҭакрақәа иара убасгьы, ашәахтә льготақәа риуразы акапиталтә лагала аиҵатәра азгәанаҭоит.