Аԥсны

Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА Қырҭтәыла амчра ахҳәара ргәы иҭоуп ҳәа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Еиду Америкатәи Аштатқәа хәажәкырамзазы Қырҭтәыла амчра ахҳәара ргәы иҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"ЕАА еиҭах атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа ирылахәуп. Иҳамоу адыррақәа рыла хәажәкырамзазы дара Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә мчқәа рыхҳәара ргәы иҭоуп. Ари ҳҵакыра ашәарҭадара иҭанаргылоит", - иҳәеит Арӡынба.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, америкатәи аполитика ахықәкы, уи Алада Кавказ аҩбатәи афронт аартра ауп.
Хәажәкыра 7 рзы Қарҭ апарламент аҿаԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит. Амитинг алахәылацәа ирыдыркылаз аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы азакәан иаҿагылоит.