Аԥсны

Донбасс иҭахаз аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩы ипатреҭ Урыстәыла ацәыргақәҵаҟны иӡырган

Аусумҭа автор - урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Елена Сухорукова.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Донбасс иҭахаз аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩы Лоран Смыр ипатреҭ Урыстәыла Шахтинск Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ацәыргақәҵа "Герои специальной военной операции" аҟны иӡырган.
Лоран Смыр
Аусумҭа автор - урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Елена Сухорукова, лусумҭақәа цәырылгоит апсевдоним ELENA KIRMIZI NAR ҳәа иаҵаҩны.
Зынӡа ацәыргақәҵаҟны икнаҳан арратә операциа ҷыда афырхацәа 100-ҩык рпатреҭқәа. Дара рхы-рҿы ианубаалоит агәымшәареи афырхаҵареи, иаадырԥшуеит анеонацизми атерроризми рҿагылараҟны аидгылара шаадырԥшуа.
Аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩы Лоран Смыр (хьыӡшьарас "Афониа" ҳәа измаз) дҭахеит Донецк ԥхынгәымза 2022 шықәса рзы. Иара иҭынхеит хҩык ахшара.
Ацәыргақәҵа иара убас иддырбоит Москва, Воронежтәи аобласт, Краснодартәи атәылаҿацә, Курсктәи аобласт, егьырҭ Урыстәыла арегионқәа рҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Донбасс дҭахеит Аԥсны атәылауаҩ