Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хәырхәмал ақыҭанхамҩатә программазы апроектқәа ралԥшаара иазкны

"Ақыҭанхамҩа аҿиара-2023" апрограммазы апроектқәа ралԥшаара цоит. Акомиссиа алахәыла Гиви Хәырхәмал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, апроектқәа шҭырҵаауа, анхаҩцәа рынхарҭатә ҭыԥқәа рҿы агәаҭарақәа шымҩаԥысуа, насгьы рнапы зларкырц ирҭахузеи дара.
Sputnik
Акомиссиа шьақәгылоуп 13-ҩык рыла. Урҭ аагәыԥкны ишоуп. Араионқәа рахь агәаҭарақәа ирылагахьеит, апроектқәа алазҵаз ирыҿцәажәоит, ҳәа азгәеиҭеит Хәырхәмал.
"Сынтәа иалгалоуп 264 проект. Ари акырӡа еиҳауп егьырҭ ашықәсқәа реиҳа. Азҿлымҳара рацәахеит. Араионқәа зегьы рахьынтә очамчыраа иаҳа активра аадырԥшит. Дарбанзаалакгьы анхаҩы арзаҳал алазҵаз дыԥшӡам иааины ианбаҳацхраауеи ҳәа, дара изларылшо ала аус иалагарцаз рынхарҭа нап адыркылахьеит. Аха, ирҭахуп аиҭаҳатә, мамзаргьы амаругақәа. Ирацәаҩуп ажь ааӡара знапы алазкыз, акакан ирлас аҽаҩра узҭо", - еиҭеиҳәеит Хәырхәмал.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.