Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи адронкәа хәба карыжьит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәбеи аицҭырҟьаратә ракетақәа HIMARS ԥшьбеи ршьаҟьеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 87, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 207 раион рыҟны, азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ажәылара-аԥшыхәратә гәыԥқәа жәаба шьаҟьоуп. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 60-ҩык украинатәи аибашьцәа, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, агаубица "Акациа".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 130-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа шьуп, иҭархоуп аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩба, ахаланыҟәатә гаубицақәа "Гвоздика".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа украинатәи адронқәа рыла Ҟрым ажәлара аԥдырҟәҟәааит
Донецктәи ахырхарҭақәа рҿы 180-ҩык инареиҳаны аӷа ацәыӡқәа имоуп, атанкқәа ҩба, аибашьыгатә кәылӡымашьынақәа хԥа, ахаланыҟәатә гаубицақәа "Акациа". Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа. танкк, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа, агаубица "Мста-Б".
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 50-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, агаубица Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу: НАТО Украинаҟа иаанашьҭуа абџьар аибашьра адәаҿы еихьӡарак амам