Арадио

Хәытаба еиҭеиҳәеит арепатриациазы ахеилак аиубилеи шазгәаҭахо

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аусбарҭа хәажәкырамза 23 рзы аиубилеи азгәанаҭоит. Иарбан усмҩаԥгатәқәоу еиҿкаахо, насгьы иадԥхьалахода, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ралахәхара шԥаҟало, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.
Аиҿцәажәара хацыркуа Инал Хәытаба еиҭеиҳәеит, аусбарҭа аԥҵара шыҟалаз атәы, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи напхгара азҭоз игәалаиршәеит.
"Аԥсуаҭҵааратә институти арепатриациазы ахеилаки еицымҩаԥыргоит Аҟәа астол гьежь хәажәкыра 22 рзы. Амза 23 рзы имҩаԥгахоит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа, амза 25 рзы Аԥсуа театр ахыбраҿы еиҿкаахоит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Ааԥхьарақәа шьҭуп ҳџьынџьуаа ахьықәынхо атәылақәа рахь, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Аҩада Кавказ. Уахьынтә асасцәа ҳарзыԥшуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәытаба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.