"Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз" ҳәа ахьӡ иаԥсахаз Аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аус аҿы раԥхьатәи лшьаҿақәа ртәы, ашықәсқәа иргәылганы иаарго аҭоурых ииашаны азнагашьа иацу агәыбылреи ауадаҩрақәеи ртәы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқәҵарала амузеитә ус аҟны рлагалеи, акыршықәсатәи лыҵшәабзиалатәи аусурази "Аԥсны акультура зҽыԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа Таисиа Аланиаԥҳаи, Диана Ахԥҳаи, Клара Гьерзмааԥҳаи, Белла Қьецԥҳаи, Инга Шамԥҳаи.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.