Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина аобиектқәа аҭактә ааха рырҭеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Хәажәкыра 2 рзы Брианск иҟалаз атеракт аҭакс Урыстәыла ар украинатәи арра-енергетикатә хыбрақәа рганахьала ақәнагақәыршәаратә жәылара мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Икылкааны ахара ихысуа абџьар, абжьы иаԥызго аракетатә комплекс "Кинжал" назлоу рыла Украина арратәи аенергетикатәи инфраструктура, атәылахьчара-ааглыхратә комплекс ааха ӷәӷәа рыҭоуп. Ажәылара ахықәкы нагӡоуп. Иарбаз аобиектқәа зегьы еилаԥыххаауп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿ ишырҳәо ала, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ргыларҭа ааха аҭоуп, арезерви аҳәаанырцә абџьари раагара еиԥҟьоуп, еилаԥыххаауп аџьаԥҳаны ҭзыжьуа азауадқәа, арратә техника аремонт ахьазыруа аҭыԥқәа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аибашьцәа, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 115-ҩык рҟынӡа УАМ аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, зхала иныҟәо агаубица "Гвоздика".
Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ирцәыӡит 135 еибашьҩы, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа хԥа, авомашьынақәа ԥшьба, ҩ-гаубицак Д-20, гаубицак "Мста-Б", гаубицак Д-1.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи адронкәа хәба карыжьит
Алада—Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 65-ҩык рҟынӡа украинатәи асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хәба, ҩ-гаубицак Д-30.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 78, 102 раион рҿы аӷа ири итехникеи. Иқәыцҟьаауп УАМ амеханизациа зызуу 110-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50. Икажьуп украинатәи аҳаирплан МиГ-29, авертолиот Ми-8.
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа ахархәагақәа икарыжьит HIMARS ахгәыцәқәа фба, украинатәи адронқәа хәба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу Донбасс аинфраструктура аиҭашьақәыргылара шцо гәеиҭеит