Аԥсны

Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааит

Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада агаразы гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыхәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааит 3:2 ҳәа гәдоуҭатәи "Риҵа" иареи реиндаҭлараҿы.
Ахраҿа хадазы ахәмарра есышықәса ашьапылампылтә сезон ааныртуеит. Уаҟа еиԥылоит ашықәсан ичемпионхаз акомандеи Аԥсны ахраҿа згаз ахәмарҩцәеи.
Ҵыԥх ачемпионрагьы Аԥсны ахраҿагьы згаз гәдоуҭатәи "Риҵа" ауп. Убри аҟнытәи аамҭаԥҵәа ишарбоу ала, ахраҿа згаз акоманда рԥылоит ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз ахәмарҩцәа. Абасала, гәдоуҭатәи "Риҵа" иацхәмаруан 2022 шықәсазы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз аҟәатәи "Нарҭ".
Ахәмарра алагамҭа ахәбатәи аминуҭ азы "Нарҭ" ахәмарҩы Леон Аргәын ампыл амба иҭаиршәоит.
Анаҩс уи аҭак ҟаиҵоит "Риҵатәи" ахәмарҩы Вадим Анқәаб, уи алагьы 1:1 ҳәа еиҟархоит.
Ахәмарра актәи аиԥылара 2:1 ҳәа ихыркәшан аҟәатәи "Нарҭ" аԥхьагылара аманы.
Аҩбатәи аиқәшәараҿы аӡбаҩ пинальти алаигалеит, ахәмарра хыркәшахеит 3:2 ҳәа аҟәатәи "Нарҭ" аиааирала.