Атәылахьчара аминистрра: ЕАА 2017 шықәса раахыс ачымазарақәа зырҿио алаҵақәа аус рыдырулон

Киев Пентагон аус ацнауеит ауаа рзы ишәарҭоу апатогенқәа: сибратәи адоу, ацәырԥшӡа, амырза, Ебола ашыӡ уҳәа 50 бактериеи вируси рганахь ала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа амоуп ЕАА 2017 шықәса раахыс ачымазарақәа зырҿио мРНК-лаҵақәа аус шрыдыруло ҳәа иҳәеит абрифинг аҿы УА АМ арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара (РХБЗ) рыр аиҳабы Игор Кириллов.
"Иҟоу аинформациала, ари алаҵа (мРНК-вакцин – аред.) аус адулара мҩаԥысуан ЕАА аԥаразоужьрала 2017 шықәса раахыс. Акоммерциатә лаҵақәа риура аналаршаха ашьҭахь еилкаан урҭ ачымазарақәа дырҿиар шауаз: аменингит, анафилактикатә дабла, аинфаркт, ахшыҩеилалара реиԥш иҟақәоу", - ҳәа иҳәеит иара.
Кириллов америкатәи афармеилахәыра Pfizer аусзуҩ Карен Кингстон лажәақәа ааго иҳәеит аилахәыра аалыҵ абиологиатә бџьаруп ҳәа. Арахь иаҵанакуеит атехнологиа мРНК алаҵақәагьы.
УА АМ арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара (РХБЗ) рыр аиҳабы Игор Кириллов рыхьӡ иҳәеит америкатәи арра-биологиатә программақәа рлахәылацәа рыхьӡқәа, Украина аҳәынҭинститутқәеи ахатәы еилахәырақәеи рхаҭарнакцәа назлоу.
Африка атәылақәа руак Агәабзиарахьчара аимнистрра иҭнаҵаауеит 2022 шықәса цәыббрамзазы авирус Ебола америкатәи арратә биологцәа иԥсабаратәымкәа идырҿиеит ҳәа иҟоу агәаанагара.
Убри аан иҟоу агәаанагарақәа ируакуп, "америкатәи арратә биологцәа русураан ишабалак апатогенқәа ишырзыҟаз".