Аԥсны

Бжьаниа амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра далацәажәеит амчратә усбарҭақәа алархәны

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит, амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азҵаара иазкны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Нодар Аҩӡба, Арбџьармчқәа Аштаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко , АШәМ ахантәаҩы, аинрал-маиор Роберт Киут.