Аԥсны

Бжьаниа араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит

Хәажәкыра 10 рзы Аслан Бжьаниа араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа есымза русура аҳасабырба ҟарҵаларц рыдиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Хәажәкыра 10 рзы Аслан Бжьаниа араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны имҩаԥигаз аилацәажәара азкын афинанс-нхамҩатә усура аҳасабырбеи аҩнуҵҟатә хылаԥшра асистемеи.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан ӡыла аиқәыршәара, амҩатә инфраструктура, аԥсабаратә рыцҳарақәа рҿагылара, ашәахтәқәа реизгара, атуристтә сезон аҽазыҟаҵара рызҵаарақәа.
Ааигәатәи аҳасабырба азгәаҭоуп мшаԥымза аҩбатәи азбжазы.