Арадио

Куриԥа еиҭеиҳәеит иԥшәымадоу алақәа рызҵаара Аҟәа иахьазы ишырӡбо атәы

Иԥшәымадоу алақәа рызҵаара аҳҭнықалақь аҟны ишырӡбо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақьтә усбарҭақәа ари ауадаҩра аԥыхразы имҩаԥырго аусқәеи Аҟәа амуниципалтә усбарҭа "Ааиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Куриԥа.
Sputnik
Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа ыҟоуп Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан. Иара ргылан ақалақь анапхгара рымчала, иазгәаҭан алақәа мчыбжьык ахь знык ма ҩынтә еизганы уахь рнагара.
Куриԥа иҳәеит 50 ла здызкыло Ӡыгәҭа иҟоу ахкыдкыларҭа аԥхьаҟа арҭбаара ргәы ишҭоу аҳҭнықалақь ахадара, иԥшәымадоу алақәа мҿиаларц азы астерилизациа амҩаԥгаразы ауадаҩрақәа шыҟоу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.