Аԥсны

Урыстәыла архивқәа рымш иазкны Аҟәа астол гьыжь мҩаԥган

Астол гьежь аусура иалахәын аҭоурыхҭҵааҩцәа-архивистцәа, ААУ арҵаҩцәа, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа, Урыстәыла агуманитартә университет арҵаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Астол гьежь "Урыстәыла архивқәа Аԥсны адокументалтә ҭынха аиҭашьақәыргылараҿы рроль" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакраҿы хәажәкыра 10 азы.
Ауснагӡатә алахәылацәа аԥсшәа реиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.

"Шәара алагала ду ҟашәҵоит архивтә еилазаара адокументалтә ҭынха аизырҳаразы. Шәџьабаа иабзоураны еизгоуп, иагьыхьчоуп хәы змам адокументалтә материалқәа. Шәархивтә маҵзура амҩа ду ианысит. Аԥсны аҳәынҭархив иалахьынҵахаз ансарҳәа, сгәы еиҭаԥеит асеиԥш ақырҭуа ар ахымҩаԥгара рхы иахьақәнадыргаз", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан ишыблыз абызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ахыбреи Аԥсны аҳәынҭархив ахыбреи. Иааидкыланы иблын 95 процент ареспублика архивтә фонд.
"Аибашьра ашьҭахь аамҭақәак архив ахыбрагьы ыҟамызт, аха уигьы шәааннамкылеит. Аԥсуа ҟазауаа афырхаҵараҵәҟьа аадырԥшит, рзанааҭ абзиабара аадырԥшит", - ҳәа иҳәеит Федотов.
Аԥсны
Аҳәынҭқарратә архив рыближьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз астол гьыжь мҩаԥысит Аҟәа
Астол гьежь амодератор, архивист, адокументалтә ҭынха аиқәырхаразы аҳәынҭқарратә политика аусхк аҟазауаҩ Милана Бжьаниаԥҳа лколлегацәа аныҳәа рыдылныҳәалеит.
"Адокументалтә ҭынха - ауаатәыҩса ргәалашәароуп. Сгәанала, раԥхьа иргыланы еиқәырхатәуп иахьазы иҳамоу архивтә фонд, аибашьраан иаҳцәыӡыз еиҭашьақәыргылатәуп", - лҳәеит лара.
Бжьаниаԥҳа даԥхьеит астол гьежь алахәылацәа рыхьӡала Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара иаарышьҭыз ашәҟәы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Александр Шеремет иҳәеит архивистцәа рус аҭоурых ахьчара ишазырхоу.
"Иахьа Мраҭашәараа аԥара ахшәааны еиҭаркуа аҭоурыхи ҳтәыла ахьӡ архәашьреи ираамҭахеит. Ҟалашьа амоуроуп иҳаҩсхьоу афырхаҵарақәа реиҭакра, рыгәрамгара алыршара", - иҳәеит иара.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба астол гьежь аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Архивистцәа адокументқәа ирну аҳәынҭқарра амаӡа хадақәа рымоуп. Сгәанала, архивқәа аҩыра аныҟалаҵәҟьа ицәырҵит. Асовет уаа рфырхаҵарақәа рышьҭа дырӡырц рҭахуп иҟоу аиаша арӡразы архивқәа збылуа. Архивда аҵарауаҩ иус изынагӡом. Ҳара ҳархив шырблызгьы, урыстәылатәи ҳҩызцәа рҟынтәи иҳауа ацхыраара иабзоураны архив маҷ-маҷ еиҭашьақәҳаргылоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны архив ашьақәыргылара иацхраауеит
Анаҩс имҩаԥысит аԥснытәи архивистцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Ауснагӡатә аиҿкааҩцәа– Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа, Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение".