Аԥсны

ВЦИОМ азҵаараҭҵаара: Путин игәра ргоит 80% урыстәылаа

Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ-Спутник) азҵаарамҩаԥгара мҩаԥысуан жәабран 27 инаркны хәажәкыра 5 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) азҵараа адыррақәа рыла, Урыстәыла ахада Владимир Путин игәра ргоит 80% урыстәылауаа, иусура иадгылоит 76,7%.

Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) азҵараа адыррақәа рыла, Урыстәыла ахада Владимир Путин игәра ргоит 80% урыстәылауаа, атәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин - 61,8%. Путин иӡбарақәа ирыдгылоит 76,7%, Мишустин иӡбрақәа - 53,3%. Аиҳабыра русура иадгылоит 52,1%.

Иара убасгьы ареспондентцәа ирҳәеит аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбараҿ еиҳа зыгәра рго: Владимир Путин (37,5%), Сергеи Лавров (16,3%), Михаил Мишустин (14,3%).
Азҵаарамҩаԥгара мҩаԥысуан ҭелла, уи иалахәын 18 шықәса ирҭысхьоу 1600-ҩык урыстәылаа. Ииашамкәа иԥхьаӡоу ак ыҟазар, 1% еиҳам.