Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит

Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рныԥшуан атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Ҭырқәтәыла жәабранмзазы иҟаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит иҳәеит атәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган.

"Ашәышықәсан иреицәахаз ари арыцҳара ду 14 миллионҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара анырра анаҭеит. Ҭырқәтәыла жәабранмзазы иҟаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, еиқәырхаз рхыԥхьаӡара 115 нызқьҩык ыҟоуп", - иҳәеит Ердоган.

Иара иажәақәа рыла, еилабгази еилабгоит ҳәа ишәарҭоуи ахыбрақәа 270 000 ыҟоуп. Иазԥхьагәаҭоуп аҩнеихагылақәа 244 000 рыргылара, ақыҭақәа рҿы - 75 000 ҩны рыргылара.