АҞӘА, хәажәкыра 11– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аурыс драматә театр аҟны иаԥҵоу ахәыҷтәы атеатртә студиа "Чик" хәажәкыра 16 рзы "Возвращение из волшебной страны ОЗ" аспектакль ықәнаргылоит ахәыҷтәы XXIV Жәларбжьаратәи "Брианцевтәи афестиваль" аҟны.
Астудиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аспектакль иалахәуп шықәсык аахыс аҟазара зҽазыҟазҵо 9 шықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа 19 - ҩык актиорцәа қәыԥшцәа.
Ари раԥхьатәи гастрольуп ахәыҷтәы студиа азы. Афестиваль аҟны актиорцәа алшара роуеит апрофессионалтә мастер-классқәа рахысра, дара рзын еиҿкаахоит аныҟәарақәа.
"Ахәыҷқәа еилҟьелӷәыцәаа иҟоуп, амҩа ақәлара иазхиоуп. Уахь ҳцаанӡа хәажәкыра 12 рзы аспектакль ықәҳаргылоит", - ҳәа иҳәеит Жорданиа.
Ахәыҷтәы тетрқәа жәларбжьаратәи "Брианцевтәи афестиваль" изкуп ахәыҷтәы театр аԥҵаҩы, СССР жәлар рартист Александр Брианцев диижьҭеи 140 шықәса аҵра.
Афестиваль иалахәхоит Санкт-Петербург, Набережные Челны, Лененградтәи аобласт, Пермтәи атәылаҿацә, Самаратәи аобласт рҟынтәи арҿиаратә коллективқәа. Жәларбжьаратәи апрограммала иқәгылоит Аԥсны, Беларус, Ермантәыла рҟынтәи ахәыҷтәы театрқәа.