Аԥсны

Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараз урыстәылаа иалыркаауа хәҭыԥк рыбжьара иҟоуп

Атәыла зехьынџьара аҟынтәи азҵаара иалахәын 3000-ҩык урыстәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараз урыстәылаа иалыркаауа хәҭыԥк рыбжьара иҟоуп, адыррақәа аагоуп Аҭҵааратә центр апортал SuperJob.ru. иҟанаҵаз азҵаарақәа рылкаақәа рыла.
Изызҵааз рахьынтәи 4% урыстәылауаа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҳәаанырцә ирхыргарц ргәы иҭоуп.
Изҭаауа атәылақәа:
Ҭырқәтәыла
Тунис
Аԥсны
Бырзентәыла
Куба
Зегь раасҭа рыԥсшьараамҭа ахьырхырго акәны иаанхоит Урыстәыла. Иалыркаауа хәҭыԥк иреиуоуп: Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу акурортқәа, Алтаи, Баикал, Санкт-Петербург.
Азҵаара мҩаԥган жәабран 21 инаркны хәажәкыра 7 рҟынӡа 2023 шықәсазы. Урыстәыла 489 еиланхарҭа ҭыԥ рҟынтәи азҵаара иалахәын 3000-ҩык, 18 шықәса зхыҵуа инадыркны.