Аԥсны

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа амедицинатә гәаҭарақәа ирхысуеит

Апроект мҩаԥнагоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵара аминистрреи рыцхыраарала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа амедицинатә гәаҭара ахыжьра иалагеит ҳәа аанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара аминистрра.
Агәаҭарақәа ирылагеит Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭа аҟынтәи. Уаҟа хәажәкыра 9 рзы 49-ҩык ашколхәыҷқәа гәарҭеит.
Ашколхәыҷқәа рнализқәа арҭеит, ирыхәаԥшит аҳақьымцәа. Иаҭаххан иҟалозар алиуорографиа, арентген, УЗИ, ЕКГ ашҟа идәықәырҵоит.
Араионқәа рышҟа амедицинатә гәаҭаразы макьана аамҭеихшак азгәаҭаӡам.