Аԥсны

Гагра имҩаԥысит зых иақәиҭу ақәԥараз аԥхьахә агареи Аԥсны ачемпионати

Аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи, 16 шықәса зхыҵуа рықәратә категориа иаҵанакуа 70 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Зых иақәиҭу ақәԥараз аԥхьахә агареи Аԥсны ачемпионати мҩаԥысит Гагра асабша, хәажәкыра 11 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аицлабра аӡбаҩ Адам Цәеиба.
Аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи, 16 шықәса зхыҵуа рықәратә категориа иаҵанакуа 70 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

"Ақәратә категориақәа жәаба ыҟан, ари иарку аԥхьахә агареи Аԥсны ачемпионати ауп. Иара мҩаԥаагоит Урыстәыла аԥхьахә агара алахәхаразы Аԥснытәи еизгоу акоманда аидкыларазы", - ҳәа иҳәеит Цәеиба.

Еиуеиԥшым ақәратә категориақәа рыҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Руслан Иаилиан, Дамеи Кархалаа, Богдан Ӡиӡариа, Данил Допуа, Никита Лежиа, Астан Адлеиба, Азамаҭ Лазба, Даниил Ԥилиа, Леон Малиа, Сандро Жьиба.
Иаиааиз ахраҿақәа ранашьан.