Аԥсны

Аԥсны амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Гал араион аҟны

Амчратә маҵзура ҷыдақәа рҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынқарратә ахьчаратә маҵзуреи рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Гал араион аҟны. Абри атәы аанацҳауеит АШәМ асаит.
Аҽазыҟаҵарақәа напхгара арҭоит аусбарҭақәа реиҳабацәа- Аҳәынқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Роберт Киут, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.
Амчратә маҵзура ҷыдақәа реиҳабацәа адҵақәа рзыршеит, рҭыԥқәа ддырбеит, урҭ рынагӡаразы иаҭахәу рзеиҭарҳәеит.
Амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа Гал араион аҟны ҩымш имҩаԥыслоит. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҵоуп агәыҭҟьара рҽарымҭарц, иԥаршеиу аинформациа еилыркаарц.