Аԥсны

Аԥсны урыстәылаа аԥсшьараз иалыркаауа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа хԥа ирылоуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны урыстәылаа аԥсшьараз иалыркаауа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа хԥа ирылоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости онлаин-сервис МТС Travel адыррақәа шьаҭас иганы.
А́́зҵаара адыррақәа рыла, 72% знык иадымхаргьы аҳәаанырцәҟа ицахьеит. Урҭ рҟынтәи 26% Урыстәыла иалҵны Аԥсныҟа иаахьеит.
А́́зҵаара иалахәыз 47% ирҳәеит Ҭырқәтәылаҟа ишцахьоу, 34% урҭ Мысра (Египет).
Иалыркаауа ахырхарҭақәа иреуоуп Белоруссиеи Германиеи- арҭ атәылақәа ирҭаахьеит а́́зҵаара иалахәыз 20% ауаа.
Иара убас азҵаара рыҭан ахәԥса иахьмырԥшкәа иалыркаауа ахырхарҭақәа арбан ҳәа, Мальдивы, 7%- Италиа, ЕАЕ-6%, Доминикани Китаии -5%.
Аԥсны
Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараз урыстәылаа иалыркаауа хәҭыԥк рыбжьара иҟоуп