Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар украинатәи ажәыларатә гәыԥқәа ааба ршьаҟьеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи ажәылара-аԥшыхәратә гәыԥқәа ааба ршьаҟьеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы, ЛЖәР аилынхарҭақәа Стельмаховка, Синьковка рҟны, Харковтәи аобласт Лиман Актәи Берестови рҟны УАМ ажәылара-аԥшыхәратә гәыԥқәа хәба шьаҟьоуп, иара убас иҭархоуп 45 украинатәи аибашьцәа, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, амашьынақәа ԥшьба.
Даҽа х-гәыԥк ҭархан ДЖәР Новомихаиловка араион аҟни, Запарожтәи аоласт Левадни Марфополиа рыҟни. Зынӡа уахыки-ҽнакы рыла Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 50-ҩык инареиҳаны аӷа ацәыӡқәа имоуп, аибашьыгатә кәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-30.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 100-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа шьуп, иҭархоуп аибашьыгатә кәылӡмашьына, апикапқәа ԥшьба, агаубицақәа Д-30, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика". Донецктәи ахырхарҭаҿы - 220-ҩык украинатәи аруаа ҭархоуп, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа хԥаа, амашьынақәа 7, агаубицақәа Д-20, Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аобиектқәа аҭактә ааха рырҭеит
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 81, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 157 раион рыҟны.
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа ахархәагақәа икарыжьит HIMARS ахгәыцәқәа бжьба, авертолиот Ми-8, украинатәи адронқәа хәба.