Аԥсны

240 нызқь мааҭ инареиҳаны рыхә ашәҭ Аԥсны аҳазалхыҩцәа илыргеит

Аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз ҭиҩцәақәак Аԥсныҟа аҳазатә ԥҟарақәа ирывсны ашәҭ аларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхыҩцәа Аҟәеи Гагреи ақалақьқәа рхәаахәҭырҭақәа рҿы 243 нызқь мааҭ рыхә ашәҭ илыргеит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Аҭирҭақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргон хәажәкыра 6-9 рзы.
Аԥсны аҳазалхыҩцәа Аҟәа ахәаахәҭырҭақәа рҟны илыргеит 212 нызқь мааҭ рыхә ашәҭ, Гагра - 31 нызқь мааҭ рыхә.
Аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз ҭиҩцәақәак Аԥсныҟа аҳазатә ԥҟарақәа ирывсны ашәҭ аларгалеит. Абри азинеилагара аганахьала аматериалқәа нашьҭуп Аилак заанаҵтәи аҭҵаарақәеи аҳазатә шьаусҭҵаарақәеи рыҟәшахьы.