Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанханы иҟоуп афымцатә цәаҳәа "Бзыԥ" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны

Афымцатә цәаҳәаҿы авариа иҟалаз иахҟьаны афымцамч каҳаит, ақалақь иаҵанакуа ҭыԥқәак рҿы аӡы анашьҭразы аӡыҭгагақәа русура еиԥҟьеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Афымцатә цәаҳәа 220 "Бзыԥ" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны афымцамч каҳаит, Аҟәа ахәҭакгьы ӡыда иаанхеит, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыршьҭра".
Афымцамч ахьылаҟәу иахҟьаны аӡыҭгагақәа русура еиԥҟьеит.
Аӡыржәтә аиуразы аҭагылазаашьа ҟалоит ацәаҳәақәа рҿы имҩаԥысуа аусурақәа шаахәыркәшахалак еиԥш.
АЦә-220 "Бзыԥ" аҿы авариа шыҟалаз "Амшынеиқәафымцамч" адыррра ҟанаҵеит хәажәкыра 13 азы. Аусурақәа цонаҵы афымца аиуразы аамҭала аԥкрақәа алагалоуп.